Сентиабр 4—10
ЕСФИРЬ 1, 2
Ашәа 137, анцәаиҳәара
Алагалажәа (1 мин.)
АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА
«Есфирь леиԥш ахӡырымгара аарԥшла» (10 мин.)
Адоуҳатә бырлашқәа (10 мин.)
Есф 2:5. Иарбан шьақәырӷәӷәароу иҟазар алшо Мардохеи изкны Абиблиа иану шиашоу? (w22.11 31, абз. 3—6).
Еилукаазеи уара ари амчыбжь иазалху Абиблиа ахқәа рҟынтә Иегова изкны, ажәабжьҳәара иазкны, мамзаргьы даҽакы иазкны?
Абиблиа аԥхьара (4 мин.): Мф 7:15—29 (th аурок 10).
АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ
Раԥхьатәи аицәажәара авидеонҵамҭа (5 мин.). Ахцәажәара. Идырба авидеонҵамҭа «Раԥхьатәи аицәажәара. Аҳра (Матф. 6:9, 10)». Аекран аҿы авидеонҵамҭа аанызкыло адырга анцәырҵлак, авидеонҵамҭа аанкыланы аӡырҩцәа азҵаара рыҭ.
Раԥхьатәи аицәажәара (3 мин.). Ухы иархәа аицәажәарақәа рыхкқәа рҟынтә атема. Ауаҩы идгал аброшиура «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!» (th аурок 1).
Ажәахә (5 мин.): w20.11 13—14, абз. 3—7. Атема: «Иисуси амаалықьцәеи шҳацхраауа» (th аурок 14).
АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Уқәлацәа ирҳәо. Уҭеиҭыԥш» (5 мин.). Ахцәажәара. Идырба ари авидеонҵамҭа. Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа: «Избан аӡәырҩы рҭеиҭыԥш аганахь ала аҭышәынтәалара аарԥшра зырцәыцәгьоу?
Ишԥаҳацхраауеи 1 Пиотр 3:3, 4 иану апринцип ари азҵаараҿы аҭышәынтәалара аарԥшра?»
Ҳорганизациа еихьӡарас иҟанаҵаз (10 мин.). Идырба авидеонҵамҭа «Ҳорганизациа еихьӡарас иҟанаҵаз» (сентиабр).
Аизараҿы Абиблиа аҵара (30 мин.): lff аурок 56, насгьы Ацҵақәа 6, 7
Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.)
Ашәа 101, анцәаиҳәара