Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

Сентиабр 2—8

АԤСАЛОМҚӘА 79—81

Сентиабр 2—8

Ашәа 29, Анцәа иҳәара | Алагалажәа (1 мин.)

АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА

1. Иҟашәҵо зегьы шәзырҟаҵо хьӡи-ԥшеи змоу Анцәа ихьӡ ахь абзаиабара акәзааит

(10 мин.)

Иегова ихьӡ зырԥхашьар алшо акгьы ҟашәымҵалан (Аԥс 79:9; w17.02 10, абз. 5).

Иегова ихьӡ шәҳәала (Аԥс 80:18; ijwbv-U 3, абз. 4, 5).

Иегова иҳәатәы хазҵо, насгьы иҟарҵо ихьӡ бзиа иахьырбо азы иҟазҵо меигӡарахда дырзылԥхоит (Аԥс 81:13, 16).

Ҳхымҩаԥгашьа Иегова дҳаранакларц азы егьырҭ ирдыруазароуп Ишаҳаҭцәа шҳакәу

2. Адоуҳатә бырлашқәа

(10 мин.)

  • Аԥс 80:1. Избан Абиблиаҿы зны-зынла Израиль иҟаз аимшьҭрақәа зегьы Иосиф ихьӡ ала изаарԥшу? (it-1-U 1052, абз. 2).

  • Иарбан доуҳатә бырлашқәоу арҭ ахқәа рҿы ишәыԥшааз?

3. Абиблиа аԥхьара

АМАҴЗУРАҾЫ ИҲАМОУ АҞАЗАРА ЕИӶЬАҲТӘУЕИТ

4. Ацәажәара шәалага

(1 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 4, апункт 4).

5. Ацәажәара шәалага

(3 мин.) ИФОРМАЛТӘЫМ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 4, апункт 3).

6. Ацәажәара шәалага

(2 мин.) АУАА ЕИҲА ИАХЬЫҞОУ АҬЫԤҚӘА РҾЫ АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Ауаҩы Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 3, апункт 3).

7. Аинтерес еизшәырҳала

(5 мин.) ҨНАҬАЦЫԤХЬАӠА АЖӘАБЖЬҲӘАРА. Уаанӡа Абиблиа аҵара зҭахымыз Абиблиа аҵара идгал (lmd аурок 8, апункт 3).

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Ашәа 10

8. «Дара сыхьӡ ҳараркуеит»

(15 мин.). Ахцәажәара.

Аҩсҭаа Едемтәи абаҳчаҿы Анцәа ихьӡ амц ахиҳәааит. Уи инаркны, ауааи амаалықьцәеи зегьы рҿаԥхьа иқәгылоит азҵаара: иақәырҵалома дара пату Анцәа ихьӡ?

Аҩсҭаа дыԥхамшьаӡакәа Иегова амц ихиҳәаауеит. Иаҳҳәап, иара иҭахуп зегьы агәра диргарц Иегова игәымбылџьбароу анапхгаҩы иакәушәа (Аҟ 3:1—6; Иов 4:18, 19). Иара иҳәоит Анцәа имаҵ зуа уи бзиа дбаны акәӡам ишыҟарҵо ҳәа (Иов 2:4, 5). Иара убас Аҩсҭаа миллионҩыла ауаа агәра диргеит иааҳакәыршаны иҟоу адунеи ахала иҟалазшәа, Ҳазшазгьы дыҟамызшәа (Рм 1:20, 21).

Шәхы шԥажәбо, ари аҩыза амц аншәаҳауа? Шәара Иегова ихьӡ шәыхьчарц шәҭахызар акәхап. Иара заанаҵы идыруан ихьӡ аҭгаразы ак аҟаҵара зҭаххо ауаа шыҟало (Иса 29:23). Иҟаҳҵар ҳалшои дасу?

  • Шәрыцхраала ауаа Иегова иабадырреи бзиа ибареи (Ин 17:25, 26). Иара дшыҟоу шьақәзырӷәӷәо аиҭаҳәара шәазхиаз, илоу аҟазшьа бзиақәагьы еиҭашәҳәала (Иса 63:7).

  • Гәык-ԥсыкала Иегова бзиа дыжәбала (Мф 22:37, 38). Иегова шәизыӡырҩла. Аха уи ахәарҭа ахьышәзаанаго мацара азы акәымкәа, иара дшәыргәырӷьарц азы иҟашәҵала (Ажәм 27:11).

Идырба АВИДЕОНҴАМҬА «Абзиабара зегь ахнагоит. Ашкол аҿы аҿар зықәшәо ауадаҩрақәа». Анаҩс аӡырҩцәа уразҵаа:

  • Ишԥарыхьчеи Иегова ихьӡ Ариельи Диегои?

  • Ргәазҭазҵази дара уи?

  • Ишԥашәылшо урҭ шәырҿыԥшлар?

9. Аизараҿы Абиблиа аҵара

Ахыркәшаратә жәақәа (3 мин.) | Ашәа 90, Анцәа иҳәара