Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АБИБЛИА АУАА РЫԤСҬАЗААШЬА АԤСАХУЕИТ

«Сара слеишәа цәгьан»

«Сара слеишәа цәгьан»
  • Даниз ашықәс: 1975

  • Дахьиз атәыла: Мексика

  • Анкьа: илеишәа цәгьан, абахҭа дҭакын

УААНӠАТӘИ СЫԤСҬАЗААШЬА

 Сара сиит мексикатәи аштат Чиапас, Сан Хуан Чанкалаито ақалақь хәыҷ аҿы. Ҳара ҳҭаацәа хылҵшьҭрала маиа иатәу ажәлар чоль рахь иаҵанакуеит. Ҳара ҳҭаацәараҿы 12-ҩык ахәыҷқәа ҳаҟан, урҭ рҟынтә сара ахәбатәи сакәын. Саныхәыҷыз сашьцәеи саҳәшьцәеи сареи Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа ҳдырҵон, аха сқәыԥшра аамҭақәа рзы сара Абиблиа иаҳәоз ҟасҵаӡомызт.

 13 шықәса ансхыҵуаз анаркотикқәа сыдыскылон, насгьы сӷьычуан. Убри аамҭазы аҩны кажьны сцеит, насгьы сахьақәшәоз сынхон. 16 шықәса ансхыҵуаз амарихуана ахьаадрыхуаз шықәсык аҟара аус зуан. Уахык зны ирацәаны амарихуана ҳаманы ӷбала амшын ҳашхыз бџьарла еибыҭаз ауаа ҳақәлеит, урҭ анаркотикқәа зҭиуаз даҽа гәыԥк иатәыз ҳконкурентцәа ракәын. Сара цәгьала ахы сацәцеит: аӡиас сҽаласыжьын, аӡышьҭра сҽаҭаны сцеит. Анаҩс Еиду Аштатқәа рахь сыбналеит.

 Еиду Аштатқәа рҿы сара анаркотикқәа рыҭира иацысҵеит, уи еиҳагьы ауадаҩрақәа сызцәырнагеит. 19 шықәса ансхыҵуаз аӷьычра азы, насгьы ауаҩы дысшьырц ахьысҭахыз азы абахҭа сҭаркит. Уа сара абанда салалеит, насгьы ацәгьоура ӷәӷәақәа ҟасҵеит. Анаҩс сара срышьҭит Лиусбург, аштат Пенсильваниа, арежим ӷәӷәа ахьыҟаз абахҭахь.

 Лиусбург абахҭаҿы схымҩаԥгашьа еиҳагьы исырцәгьеит. Сара ҳбанда злалукаауаз ататуировкақәа сыман. Ари абахҭаҿгьы уи абанда ыҟан, убри аҟынтә сара уи иаразнак салалеит. Сара еиҳагьы сгәымбылџьбарахеит, насгьы есымша сеисуан. Ҽнак зны абахҭаҿы иҟалаз аисра ӷәӷәак салахәын. Ҳара ҳгәаԥсахы еибакны абеисболтә аркьылқәеи аспорт иазку агьырақәеи рыла ҳаисуан. Ҳара ҳаиқәыркырц азы абахҭа ахьчаҩцәа алаӷырӡаагага агаз рхы иадырхәеит. Уи ашьҭахь еиҳа ишәарҭаз ацәгьаҟаҵаҩцәа ахьҭакыз аҭыԥ ахь сиаргеит. Сара даара слеишәа цәгьан, сԥагьан, насгьы ауаҩы ипҟара сзымариан. Ус аҟаҵара сгәаԥхон, сыламысгьы саргәаҟуамызт.

АБИБЛИА СЫԤСҬАЗААШЬА ШАԤСАХЫЗ

 Еиҳа ишәарҭаз ацәгьаҟаҵаҩцәа ахьҭакыз аҭыԥ аҿы иҟасҵоз сымамызт. Сгәы ахьҿыӷьуаз аҟынтә Абиблиа аԥхьара салагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь абахҭа ахьчаҩ исылҭеит «Ты можешь жить вечно в раю на земле» a ҳәа хьӡыс измаз ашәҟәы. Уи аԥхьара саналага саныхәыҷыз Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа аҟынтә исдырҵоз иазкны исгәалашәаз рацәоуп. Сара еилыскаауа салагеит шаҟа сыцәгьахаз, иаасырԥшуаз аҟазшьақәа ирыхҟьаны. Нас сҭаацәа срызхәыцуа салагеит. Ҩыџьа саҳәшьцәа Иегова ишаҳаҭцәа ракәны иҟалеит. Иаалырҟьаны схаҿы хәыцрак ааит: «Дара наӡаӡа инхалоит! Исԥырхагоузеи сара?» Убасҟан сара исыӡбеит сыԥсҭазаараҿы аԥсахрақәа ҟасҵарц.

 Аха сара издыруан сымацара уи шсылымшо, убри аҟынтә ацхырааразы Иегова сиҳәеит. Уи ашьҭахь Абиблиа аҵара исыцхраарц азы Еиду Аштатқәа рҿы иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа рфилиал ахь изҩит. Афилиал ааигәа иҟаз Иегова ишаҳаҭцәа реизара иадырҵеит исҭаарц. Уи аамҭазы сҭаацәа рыда аӡәгьы сҭаара илшаӡомызт, убри аҟынтә уи аизара иатәыз аиашьа асаламшәҟәқәа сзыҩра далагеит, насгьы абиблиатә литература сзааиҭиуан. Убри аҟынтә аҽыԥсахразы исымаз агәаҳәара еиҳа иӷәӷәахеит.

 Сара имариамыз, аха ихадаз аӡбара сыдыскылеит — кыршықәсала сызлаз абанда салҵырц. Абанда аиҳаби сареи ҭыԥк аҿы ҳаицҭакын, убри аҟынтә ҽнак зны аԥсшьара аамҭа аан снаидгыланы иасҳәеит Иегова ишаҳаҭ сакәны сҟаларц шысҭаху. Уамашәа иубаратәы иара иҳәеит: «Ииашаҵәҟьаны иуӡбазар, убас егьыҟаҵа. Сара Анцәа иус саҿагылаӡом. Аха ус баша абанда уалҵырц уҭахызар, узықәшәо удыруеит».

 Ҩышықәса рыҩныҵҟа сара ӷәӷәала сҽысыԥсахит, уи абахҭа ахьчаҩцәагьы игәарҭеит. Дара еиҳагьы сыгәра рго иалагеит. Иаҳҳәап, акамера аҟынтә аҽыкәабарҭахь саныргоз анапеидҳәалага снапы ахаҵара иаҟәыҵит. Ҽнак зны абахҭа ахьчаҩцәа руаӡәк сирҽхәеит, насгьы сгәы камҳаларц сгәазҭеиҵеит. Ԥыҭрак ашьҭахь сара сиаргеит абахҭа ааигәа иҟаз абаандаҩцәа ахьҭакыз алагерь ахь, уа арежим еиҳа имариан. Аҵыхәтәантәи ашықәс уа исхызгеит. 2004 шықәсазы, абахҭаҿы 10 шықәса анысхызга ашьҭахь соурыжьит, нас атәыла салцаны абахҭатә втобусла Мексикаҟа сдәықәырҵеит.

 Мексика саннеи, иаразнак исыԥшааит Иегова ишаҳаҭцәа ахьеизо Аҳратә зал. Раԥхьаӡакәны аизара санаҭаа, абахҭатә маҭәа сшәын, уаҳа еиҿкааз амаҭәа сымамызт. Ус сшеилаҳәазгьы, Иегова ишаҳаҭцәа гәык-ԥсыкала срыдыркылеит. Ари аҩыза ақьиара анызба, сара еилыскааит ииашоу ақьырсианцәа шысыԥшааз (Иоанн 13:35). Уи аиԥылараҿы аизара аиҳабацәа сыцхрааит Абиблиа аҵара салагарц. Шықәсык ашьҭахь, сентиабр 3, 2005 шықәсазы аӡы сыҽӡаасхит, насгьы Иегова ишаҳаҭ сакәны сҟалеит.

 Ианвар 2007 шықәса инаркны ажәабжьҳәаратә маҵзура еиҳа аамҭа азалысхуа салагеит. Есымза ауаа Абиблиа еиӷьны деилыркааразы 70 сааҭ азыскуан. 2011 шықәсазы сара салгеит Аҭаацәара иалам аишьцәа рзы абиблиатә школ (уажәы иахьӡуп Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол). Уи ашкол абзоурала сара аизараҿы исыдыз аҭакԥхықәрақәа еиҳа еиӷьны рынагӡара салагеит.

Уажәшьҭа сара исгәаԥхоит ауаа аҭынчра бзиа ирбаларц рыцхраара

 2013 шықәсазы Пилар зыхьӡыз аԥҳәыс схатә ҩыза лакәхеит. Лара дыччо илҳәоит анкьатәи сыԥсҭазаашьа агәра агара шылцәыцәгьоу атәы. Сара анкьатәи сыԥсҭазаашьа аҵыхәтәа ԥысҵәеит. Схатә ҩызеи сареи агәра ганы ҳаҟоуп иҟасҵаз аԥсахрақәа зыбзоуроу Абиблиа иамоу амч шакәу (Римаа рахь 12:2).

СЫԤСҬАЗААШЬА ШЕИӶЬХАЗ

 Лука 19:10 иану Иисус иажәақәа сара исызкушәа збоит. Иара иҳәеит «иҭахаз рыԥшааразы, рҿыхразы» сааит ҳәа. Сара уаҳа иӡны иҟоу аӡәы иеиԥш схы збом, насгьы ауаа ргәы рзырхьша акгьы ҟасҵом. Абиблиа абзоурала сыԥсҭазаара ахықәкы аиуит, аҭынчра бзиа избо салагеит, аха зегь раасҭа ихадоу, Ҳазшаз Иеговеи сареи ҳаиҩызцәахеит.

[АЛБААГА]

a Ари ашәҟәы Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьит, аха уаҳа иркьыԥхьӡом. Уажәы Абиблиа аҵаразы ихадоу цхыраагӡас иҟоу ашәҟәы иахьӡуп «Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы!»