Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

АБИБЛИА АУАА РЫԤСҬАЗААШЬА АԤСАХУЕИТ

Бзиа сызбо аб дсырҳаит

Бзиа сызбо аб дсырҳаит
  • ДАНИЗ АШЫҚӘС: 1954

  • ДАХЬИЗ АТӘЫЛА: Филиппинқәа

  • АНКЬА: агәымбылџьбарара злаз иаб иҟынтә дыбналеит

УААНӠАТӘИ СЫԤСҬАЗААШЬА

 Филиппинқәа рҿы иҟоу ақалақь Пагсаниан азааигәара иҟоуп еицырдыруа аӡхыҽҽа, уи ахәаԥшра иаауеит атуристцәа. Убра, иӷарыз аҭаацәараҿы изҳаит саб Нардо Лерон. Аиҳабыраҿы, насгьы аусураҿы иибоз аиашамрақәа ирыхҟьаны иара дгәымбылџьбарахеит.

 Сҭаацәа даара аџьабаа рбон ааҩык ахәыҷқәа ҳрааӡарц азы. Лассы-лассы сҭаацәа аҩны ааныжьны ашьхарахь ицон, амхқәа рҿы аус рурц азы. Уа дара акыраамҭа иаанхалон. Сашьеиҳаб Родилиои сареи ҳхала ҳаанрыжьуан, насгьы лассы-лассы фатәыда ҳаанхон. Ахәыҷқәа реиԥш ҳара ахәмархаҵәҟьагьы ҳамамызт. Бжьышықәса анаҳхыҵуаз инаркны ҳҭаацәараҿы ахәыҷқәа зегьы аарыхырҭа ҭыԥқәа рҿы аус ҳаулар акәын. Ҳара еизаҳгоз акокос еидҳәаланы ицәгьаз ашьхаратә мҩахәасҭақәа рҟынтә иааҳгон. Аидара узышьҭымхуа ианыҟаз, ирҳәазаны иаҳгалар акәын.

 Ҳаб ӷәӷәала ҳипҟон, уи ҳачҳалар акәын, аха иара ҳан дшипҟоз анаҳбоз, уи еиҳагьы ҳгәы ҳнархьуан. Родилиои сареи даанаҳкыларц ҳҽазаҳшәон, аха акгьы алҵуамызт, убри аҟынтә маӡала еибаҳҳәеит ҳандухалак ҳаб дшаҳшьуа. Шаҟа исҭахызи бзиа ҳазбо аб дҳамазарц!

 Саб даараӡа гәымбылџьбарала ихы ахьымҩаԥигоз иахҟьаны сгәы ихшәаны, насгьы сыԥсахы еибакны сыҟан, убри аҟынтә 14 шықәса ансхыҵуаз аҩнынтәи сыбналеит. Раԥхьа сахьынхо сымаӡамкәа адәы сықәхеит, убасҟан амарихуана ахара салагеит. Аамҭак ашьҭахь анышьныҟәцаҩс аусура салагеит, насгьы аӡхыҽҽақәа рахь атуристцәа ныҟәызгон.

 Шықәсқәак рышьҭахь Манил аҿы иҟаз ауниверситет сҭалеит. Аха аԥсшьарамшқәа раан Пагсанианҟа аусура сцалар акәын, убри аҟынтә аҵаразы аамҭа сызхомызт. Сыԥсҭазаара аҵакы амамызшәа збон, насгьы амарихуана сыгәҭынчымрақәа риааираҿы уаҳа исыхәомызт. Усҟан сара егьырҭ анаркотикқәа сыдыскыло салагеит: аметамфетаминқәа, акокаин, агероин. Анаркотикқәа ахьыҟоу акалҭшьҭаныҟәарагьы ыҟоуп. Иаасыкәыршаны аӷарреи, аиашамреи, агәаҟрақәеи роуп иҟаз. Сара аиҳабыра даара исцәымӷын, иҟоу зегьы дара ирхарасҵон. Сара Анцәа сиазҵаауан: «Избан аԥсҭазаара абас изыуадаҩу?» Еиуеиԥшым адинхаҵарақәа рҿы аҭак сашьҭан, аха лҵшәадахеит. Схәыцрақәа сыҽрысымҭарц азы сара еиҳа лассы-лассы анаркотикқәа сыдыскылон.

 1972 шықәсазы Филиппинқәа рҿы инхоз астудентцәа агәынамӡара аарԥшны аҳәынҭқарратә политика иаҿагылеит, иагьеиҿыркааит уи иазкны акциа. Саргьы урҭ срылахәын. Аӡәырҩы ауаа ҭаркит, мызқәак рышьҭахь атәылаҿы аибашьратә ҭагылазаашьа шыҟоу рыларҳәеит.

 Сара еиҭах адәы сықәхеит, аҿагыларатә акциа схы ахьаласырхәуаз иахҟьаны сҭаркыр ҳәа сшәон. Анаркотик злаасхәаша сыԥшаарц азы сара аӷьычра салагеит, анаҩс убри аҟынӡа схы назгеит, аԥара сырҳарц азы ибеиаз ауааи атәымтәылауааи иламысдоу аусқәа рыдызгало салагеит. Убраанӡа снеит, сыԥсыргьы сынхаргьы — хьаас исымамызт.

 Убри аамҭазы сани сашьеиҵби Иегова ишаҳаҭцәа рҿы Абиблиа аҵара иалагеит. Саб игәаԥсахы еибакны абиблиатә публикациақәа иблит. Аха дара уи иааннамкылаӡеит, насгьы иаарласны аӡы рыҽӡаархит.

 Ҽнак зны Иегова ишаҳаҭцәа руаӡәк саб диацәажәеит, уи иара изеиҭеиҳәеит Абиблиаҿы ишану адгьыл аҿы иаарласны анапхгара бзиа шыҟало (Аԥсалом 72:12—14). Саб уи даараӡа игәаҵанӡа инеит, убри аҟынтә иҭаххеит еиҳаны аилкаара. Абиблиаҿы анапхгара бзиа шыҟало атәы адагьы, иара еиликааит абацәеи ахацәеи ирызку Анцәа иҭахрақәа (Ефесаа рахь 5:28; 6:4). Иаарласны саби, сашьцәеи саҳәшьцәеи зегьы Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалеит. Сара сыҩны сацәыхараны сынхон, убри аҟынтә уи сыздыруамызт.

АБИБЛИА СЫԤСҬАЗААШЬА ШАԤСАХЫЗ

 1978 шықәсазы Австралиаҟа сиасит. Аха ас иманшәалоу, иҭынчу атәылаҿгьы сара агәҭынчра сымамызт. Сара уаанӡа еиԥш арыжәтә сҽасыршьуан, анаркотикқәагьы сыдыскылон. Ԥыҭрак ашьҭахь уи ашықәс азы сара Иегова ишаҳаҭцәа сҭааит. Дара исдырбеит Абиблиа ишану адгьыл аҿы аҭынчра шыҟало, сара уи сгәаԥхеит. Аха слакҩакуан, исыздыруамызт урҭ рыгәра агара иаԥсоу иаԥсаму.

 Уи ашьҭахь сара Филиппинқәа рахь мчыбжьқәак ҳәа схынҳәит. Сашьцәеи саҳәшьцәеи исзеиҭарҳәеит ҳаб даара ихы аџьабаа шадибалаз иҽиԥсахырц азы. Аха сара даара сгәы ԥжәон, насгьы ибара сҭахӡамызт.

 Абиблиа ала саҳәшьеиҵбы исзеиҭалҳәеит агәаҟрақәеи аиашамреи абас изырацәоу. Сара иџьасшьеит зынӡаск аԥышәа змам аӡӷаб хәыҷы акыршықәса сгәы иҵхоз азҵаарақәа рҭакқәа ахьылдыруаз. Санцоз аламҭалазы саб ҳамҭас исиҭеит «Ты можешь жить вечно в раю на земле» a ҳәа хьӡыс измаз ашәҟәы. Иара иҳәеит: «Узҿу ааныжь. Ари ашәҟәаҿы узышьҭоу ануп». Иара исабжьигеит Австралиаҟа саныхынҳәлак Иегова ишаҳаҭцәа сыԥшаарц.

 Саб исеиҳәаз сазыӡырҩит. Иегова ишаҳаҭцәа ахьеизоз Аҳратә зал сыԥшааит Брисбен, сыҩны азааигәара. Сара сақәшаҳаҭхеит иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аҵара. Абиблиатә ԥааимбаражәақәа рҟынтә, иаҳҳәап, Даниил ишәҟәы 7-тәи, насгьы Исаиа ишәҟәы 9-тәи ахқәа рҟынтә еилыскааит Анцәа адгьыл аҿы акоррупциа ахьыҟамло анапхгара шышьақәиргыло. Сара еилыскааит адгьыл зегьы џьанаҭны ишыҟало. Даара исҭахын Анцәа игәаԥхара насыгӡаларц, аха еилыскаауан уи азы аҽынкылара аарԥшышьа сҵар шсыхәҭаз, иара убас издыруан ажәреи, анаркотикқәа рыдкылареи, иламысдоу ахымҩаԥгашьеи рааныжьра шаҭахыз. Сара сызцынхоз аԥҳәыс даансыжьит, насгьы исымаз ашьцылара бааԥсқәа касыжьит. Сара еиҳа Анцәа игәра зго салагеит, насгьы Иегова сиҳәон анаҩсгьы аҽыԥсахрақәа ҟасҵаларц азы.

 Хәыҷы-хәыҷла еилыскааит абиблиатә дыррақәа ииашаҵәҟьаны ауаҩы дрыԥсахыр шалшо. Абиблиа иануп ҳхы аус анадаҳуло, иҿыцу хаҭараны ҳҟалар шҳалшо (Кәаласаа рахь 3:9, 10). Сара сазхәыцит: «Сара аҽыԥсахра сылшозар, сабгьы, ҳәарада, уи илшон, сҭынхацәа ишсарҳәоз еиԥш». Уаанӡа саб дысцәымӷын, насгьы ӷас дсыԥхьаӡон, аха шьҭа синышәарц сҭаххеит. Сара уи зегь ианасыжьит, насгьы саныхәыҷыз аахыс иара иахь исымаз ацәымӷра сгәы иҭызгеит.

СЫԤСҬАЗААШЬА ШЕИӶЬХАЗ

 Санқәыԥшыз сара лассы-лассы зхымҩаԥгашьа ҽеимыз ауаа сырҿыԥшуан. Абиблиа иҳанаҳәоит иҽеим ауаа ҳрыцзар, ацәгьарахь ҳашнанаго (1 Коринфаа рахь 15:33). Аха сара Иегова ишаҳаҭцәа рыбжьара аҩызцәа бзиақәа сыԥшааит. Дара еиҳа аиӷьхара исыцхрааит. Иара убас аизараҿы слабадырит зеиԥшыҟам аԥҳәызба Лоретта. Лареи сареи ҳаԥсҭазаара еилаҳҵеит. Ҳара ауаа ирзеиҭаҳҳәоит Абиблиа рыԥсҭазаара еиӷьнатәыр шалшо.

Сыԥшәмеи сареи, насгьы ҳҩызцәеи шьыбжьхьа ҳфоит

 Сара агәра сызгомызт саб аҽыԥсахра илшоит ҳәа. Абиблиа абзоурала иара сан лахь абзиабара аазырԥшуа, ахынраалара змоу, аҭынчра бзиа избо қьырсианны дҟалеит. 1987 шықәсазы аӡы сҽанӡаасх ашьҭахь саби сареи ҳаибабеит. Иара раԥхьаӡа акәны сигәыдиҳәҳәалеит!

 35 шықәса рыҩныҵҟа сҭаацәа угәы зырҭынчуа, насгьы агәыӷра узҭо абиблиатә жәабжь ауаа ирзеиҭарҳәон. Саб аусура бзиа избо, насгьы егьырҭ иреиҷаҳауа, ирыцхраауа уаҩны дҟалеит. Уи пату иқәысҵо, насгьы бзиа дызбо салагеит. Сара уи сахьиԥоу ахә ҳаракны исшьоит! Иара дыԥсит 2016 шықәсазы. Аха сара гәахәарыла дысгәаласыршәоит, насгьы сазхәыцуеит ҳҩыџьагьы абиблиатә принципқәа рхархәара ҳаналага, ӷәӷәала ҳаҽшаҳаԥсахыз. Анкьа исымаз ацәымӷра аҟынтә акгьы аанымхаӡеит. Сара даара сеигәырӷьоит адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҭаацәарақәа уаҳа ахьаа рзаазго акгьы ҟалаӡом ҳәа ҳақәзыргәыӷуа жәҩантәи Саб — Анцәа Иегова дахьысыԥшааз!

a Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьит, уаҳа иркьыԥхьӡом.