Мап ацәыркуама Иегова ишаҳаҭцәа авакцина аҟаҵара?
Мап, Иегова ишаҳаҭцәа авакцина аҟаҵара мап ацәыркӡом. Уи азҵаара аганахьала дасу иҟаиҵаша ихаҭа иӡбоит. Авакцина ҟазҵарц зыӡбаз Иегова ишаҳаҭцәа маҷӡам.
Ҳара иреиӷьу ахәышәтәра ҳаур ҳҭахуп, насгьы ачымазара ӷәӷәақәа еиҳа имаҷхарц азы амедицина иҟанаҵо зегь ахә ҳаракны иаҳшьоит. Агәабзиарахьчара аусбарҭақәа русзуҩцәа рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа ахьырбо азы — еиҳарак аепидемиақәа раан — иҭабуп ҳәа раҳҳәоит. Ҳара урҭ рџьабаа пату ақәаҳҵоит.
Ҳара агәабзиарахьчара аусбарҭақәа ирҳәо ҳақәныҟәоит. Иаҳҳәап, апандемиа COVID-19 аналага инаркны, Иегова ишаҳаҭцәа асаит jw.org аҿы бызшәарацәала иааиԥмырҟьаӡакәа ианырҵоит даараӡа ишыхадоу ҳхы ҳахьчарц азы ҳахьынхо аҭыԥ аҿы иҟоу аԥҟарақәа рықәныҟәара. Урҭ аԥҟарақәа рахь иаҵанакуеит анапыӡәӡәара, асабрадақәа рныҟәгара, адистанциа ацклаԥшра, акарантин аҿы атәара. Иара убас ҳара зегьы ргәазҭаҳҵоит ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа ирыдҳәалоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, насгьы иахьынхо атәылаҿы аҳәынҭқарра ишьақәнаргыло ма ирабжьнаго егьырҭ аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц (Римаа рахь 13:1, 2).
Акыршықәса раԥхьа Иегова ишаҳаҭцәа рпубликациақәа рҿы иааган абас еиԥш иҟоу апринципқәа:
Ауаҩы игәабзиара иадҳәалоу аӡбарақәа ихала идикылалароуп (Галаҭаа рахь 6:5).
«[Ари ажурнал] иаҳәаӡом хәышәтәышьак даҽа хәышәтәышьак аасҭа еиӷьуп, ма хәшәык даҽа хәшәык аасҭа еиӷьуп ҳәа, насгьы ауаа амедицина иадҳәалоу алабжьарақәа рнаҭаӡом. Ажурнал хықәкыс иамоу — аԥхьаҩ иҟынӡа афактқәа рнагара ауп, ихала алкаа ҟаҵаны, аӡбара идикыларц азы» («Пробудитесь!», февраль 8, 1987 шықәса, англ.).
«Шәхәыҷқәеи шәареи авакцина ҟашәҵоу-иҟашәымҵоу зыӡбо шәара шәоуп» («Пробудитесь!», август 22, 1965 шықәса, англ.).
Ҳара ҳҽаҳхәышәтәларц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, избанзар аԥсҭазаара ахә ҳаракны иаҳшьоит (Аусқәа 17:28).
«Иегова ишаҳаҭцәа анычмазаҩхо, рҽырхәышәтәырц азы аҳақьымцәа рахь ицоит. Дара аԥсҭазаара бзиа ирбоит, убри аҟынтә рыԥсҭазаара рыхьчарц азы ирылшо зегь ҟарҵоит, уи Аҩыра иаҿамгылозар» («Ахьчаратә бааш», сентиабр 1, 1976 шықәса, аурыс).
«Иегова ишаҳаҭцәа ирҳәаӡом ахәшәқәа рыжәреи аҽыхәышәтәреи аҭахӡам ҳәа. Дара ргәабзиара иацклаԥшуеит, избанзар аԥсҭазаара бзиа ирбоит. Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рыбжьара иҟан аҳақьымцәа, иаҳҳәап, Лука. Иахьагьы Иегова ишаҳаҭцәа рыбжьара аҳақьымцәа ыҟоуп. [...] Ҳәара аҭахума, Иегова ишаҳаҭцәа ҳаҭыр ақәырҵоит амедицина аусзуҩцәа рхы иамеигӡаӡакәа аџьабаа ахьырбо. Уи адагьы, дара амедицина аусзуҩцәа рҟынтә ироуа ацхыраара ахә ҳаракны иршьоит» («Ахьчаратә бааш», февраль 1, 2011 шықәса, аурыс).